Аҳәынҭкарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭа аусзуҩцәа гәалсра дула иҳадаҳкылеит Аԥсуа бызшәа аҳәынҭқарратә фонд ахыҵхырҭаҿы игылаз иреиуаз, акыр шықәса ааԥсара ҟамҵакәа аџьабаа збоз, аԥсуа бызшәа алахьынҵа згәы иҵхоз, уи аҿиареи ахьчареи рзы зхы иамеигӡоз Нелли Мкан-иԥҳа Барцыц лыԥсҭазаара лалҵра. Нелли Барцыц акыр шықәса қәҿиарала аус луан Блабырхәатәи ашколи, Афон Ҿыцтәи абызшәа дырҵара Ацентри рҿы рҵаҩыс. Ирацәаҩуп уи лнапы иҵыҵыз аԥсуа ҿар, абызшәа агәыбылра злыркыз, излырҵаз, аԥсуара злалааӡаз. Зусура ҭакԥхықәрала иазыҟаз, гәык-ԥсык ала лнапы ианыз абырҵкал икылызхуаз, зыуаҩра аамысҭашәаз, зҩызара ԥшӡаз, адунеи азна иҳалалыз, имыччакәа имцәажәоз, гәацәыхьажәак нызмыжьыз, ԥхарала иҭәыз, ҿымҭ зыгәхьаа зычҳауаз Нелли, аԥсҭазаара ауадаҩрақәа ирызԥымҽыз, зыуаҩра змырҩашьоз, лымч зықәхоз акы иаҵамхоз, зегьы ирыхьӡарц зҭахыз, зхы иазымхәыцуаз, аӡәы ихәашаз иашьҭаз Нелли. Шаҟа иуадаҩузеи уажәы арҭ агәалашәарақәа ииасыз аамҭахь аиагара. Аха ауаҩы лаша иусқәа иагьа аамҭа царгьы ииасӡом. Ауаҩы дзыхьӡаз абзиара, агәыбылра, ауаҩра, агәыцқьара еиҳау мҩа ыҟаӡам Ҳазшаз иахь. Нелли ари амҩа лыԥсы лашала илылхыт, џьабаала, гәыҭыӷьӷаала, бзиарыла. Дызхьымӡаз абзиарақәа лԥа Алиас Анцәа ициҵааит ԥсынҵры лашан, бзиараны, насыԥны. Нелли ,быԥсы Аџьанаҭ ишнеиуа, уа ишаҭыԥу агәра ҳгоит. Быԥсы ҭынчыз Нелли. Бгәалашәара ҳацуп быздыруаз, кыршықәса быбзиара зцеиҩыбшоз бҩызцәа.