Print this page

Апрезентациа

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭаҿы 2024шықәса, мшаԥы 18 рзы имҩаԥган апрезентациа. Иӡырган Аусбарҭа аспециалистцәа аус зыдуланы иҭрыжьыз ашәҟәы ҿыцқәа.

Урҭ хәы-хкык ыҟоуп:

1. Аԥсуа бызшәа дырҵаразы арҵагатә цхыраагӡа "Абхазский язык. Элементарный и базовый уровни. Ашәҟәы авторцәа: А.Ш. Ажьиба, Д.В. Шамба, А.Ш. Шьынқәба. Аредактор  Гә. С. Кәыҵниа.

2."Аԥсышәала  аусмҩаԥгаразы ацхыраагӡа". Еиҭаргеит-еиқәдыршәеит: С. Ладариа, Г.Сақаниа, Гә.Кәыҵниа, М.Ҵнариа, Т.Нарманиа, Ц.Габниа, Н.Барцыц.

Апроект анапхгаҩы Гә. С. Кәыҵниа.

3.Ҳ.Х. Андерсен "Алакәқәа".  Еиҭеигеит Сергеи Зыхәба.

4.Владимир Аҵнариа. "Сыԥсадгьыл Амра".Еиқәлыршәеит Милиа Ҵнариа-ԥҳа.

5. Платон Бебиа "Амра ԥхоит". Еиқәдыршәеит: Г.Сақаниа, Гә.Кәыҵниа. 

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭа иҭнажьит 3000 екземплиар.

Апрезентациаҿы ааԥхьара рыман аҵарауаа , ашәҟәыҩҩцәа,асахьаҭыхыҩцәа, аметодистцәа, арҵаҩцәа, абызшәадырыҩцәа, аредакторцәа.

 

Latest from apsny