Print this page

Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аԥсны Аҳәынҭқарра аусбарҭа

Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аԥсны Аҳәынҭқарра аусбарҭа сынтәа дырҩегьых иаанартит аԥсуа бызшәа дырҵаразы акурсқәа. Абар шьҭа ҩы-шықәса ҵуеит, ҳусбарҭа ҿыцны аусура иналага инаркны, абызшәа ззымдыруа дырҵаразы ирццаку акурсқәа мҩаԥаҳгоижьҭеи. Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҿы (Аҟәа, Гагра, Гал, Тҟәарчал, Очамчыра, Гәдоуҭа) аус руеит ҩба-ҩба курс. Ари ҳусбарҭа ихадоу апроектқәа ируакуп, финансла еиқәнаршәоит аҳәынҭқарра. Абарҭ акурсқәа рзы еиқәыршәан, иагьҭыжьын арҵагашәҟәы "Абхазский язык (Элементарный и Базовый уровни)". Акурсқәа мҩаԥысуеит фымз ирылагӡаны, ахырқәшамҭаз азыӡырҩцәа рзы имҩаԥгахоит аԥышәара (тестирование), игьранашьахоит актәи аҩаӡара ишахысыз ала асертификат. Акурсқәа рҿы аус руеит аԥышәа змоу, здырра ҳараку арҵаҩцәа:

Аҟәа ақ. аҿы - Цәеиба Л.В.; Шьынқәба А.Шь.

Гал ақ. - Кәакәасқьыр К.А.; Голаа Гә.Д.

Тҟәарчал ақ. - Ҳаҳәбиа Ф.Б.

Очамчыра ақ. - Убилаа Л.И.

Гәдоуҭа ақ - Беиа А.З.

Гагра ақ. - Бенделиани И.Р.

Last modified on Maandag, 07 Мшаҧы 2025 12:40

Latest from apsny

Media