Ажәабжьқәа

apsny

apsny

Dinsdag, 14 Абҵара 2023 08:50

Апрезентациа

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭаҿы  2023ш. абҵара 6  рзы имҩаԥган апрезентациа. Иӡырган  аусбарҭа аспециалистцәа аус зыдуланы  иҭрыжьыз ашәҟәы ҽыцқәа: ахәыҷтәы литературеи алабҿабатә хархәагақәеи . Ашәҟәқәа профессионалла иазнеины еиқәыршәоуп . Ирыцу асахьақәа шәыга рацәала  иҩычоуп,  ахәыҷқәа рыбла хнакыртә иҟаҵоуп. Ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ирықәшәоит. Ахәыҷбаҳчақәа рахь иныҟәо ахәыҷқәеи азыҟаҵаратәи, аиҵбыратәи  классқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәеи рзы аԥсуа бызшәа аҵараҿы ицхыраагӡа дууп. Иҭыжьуп  темала еиуеиԥшым аплакатқәа :

1.Аԥсны Аҳәынҭқарра асимволқәа

2.Ацәамаҭәа 

3.Афатә

4.Аԥсуа милаҭтә маҭәа

5.Агәабзиаразы авитаминқәа

6.Ашықәс аамҭақәа

7.Амаругақәа

Иара убасгьы  ишәыдаагалоит   ахәыҷқәа ирызку ашәыҟәқәа :

1. "Сара раԥхьатәи сышәҟәы" асериала "Аԥсуа бызшәа асахьатә жәар", аиқәыршәаҩ М. Амҷба, асахьаҭыхҩы А.Кәыҵниа.

2."Аамҭеи асааҭи" ,автор Гә. Кәыҵниа, асахьаҭыхҩы А. Сангәылиа.

3."Жьакәыр -фырхаҵа" ,алакә-пиеса ,автор А.Мықәба , асахьаҭыхҩы А.Кәыҵниа.

4."Ашәҭқәа рашәа" автор Г. Сақаниа, асахьаҭыхҩы А.Сангәылиа.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭа иҭнажьит 3000 екземплиар ахәыҷтәы шәҟәқәеи, 3500 -алабҽабатә хархәагақәеи.

Апрезентациаҿы ааԥхьара рыман ашәҟәыҩҩцәа, асахьаҭыхыҩцәа,аметодистцәа,арҵаҩцәа, абызшәадырыҩцәа, аредакторцәа.

Dinsdag, 10 Жьҭаара 2023 12:17

Ахәыҷқәа рзы аҳамҭа

6.10.23.ш. рзы Краснодарынтәи Аԥсныҟа иааргеит  Аԥсны Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарртә усбарҭа иҭнажьыз 3000 екземплиар ахәыҷтәы  шәҟәқәеи, 3500  лабҿабатә  хархагақәеи( аплакатқәа) .  Шәыга рацәала иҩычоу,ҳаамҭазтәи  атехнологиақәа ирықәшәо , ахәыҷбаҳчақәа рахь иныҟәо ахәыҷқәеи аиҵбыратә классқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәеи рзы   аԥсуа бызшәа аҵараҿы  ицхыраагӡа дууп. Ҳара ишәыдаагалар ҳалшоит темала еуеиԥшым аплакатқәа:

1. Аԥсны Аҳәынҭқарратә асимволқәа

2.Ацәамаҭәа

3.Афатә

4.Аԥсуа милаҭтә маҭәа

5 .Агәабзиаразы  авитаминқәа

6.Ашықәс аамҭақәа

7.Амаругақәа

Иара убас ишәыдаагалар ҳалшоит ахәыҷқәа ирызкыу ашәыҟәқәа:

1. "Сара раԥхьатәи сышәҟәы" асериала " Аԥсуа бызшәа асахьатә жәар " автор ,аиқәыршәаҩ М.Амичба, асахьаҭыхҩы А.Кәыҵниа 

2"Аамҭеи асааҭи"автор Гә .Кәыҵниа, асахьаҭыхҩы А. Сангәлиа 

3."Жьабаӷь фырхаҵа"илакә-пиеса. автор А.Муқәба ,асахьаҭыхҩы А.Кәыҵниа

4." Ашәҭқәа рашәа" автор Г.Сақаниа ,асахьаҭыхҩы А.Сангәылиа

Vrydag, 22 Цәыббра 2023 12:10

Нелли Барцыц

Аҳәынҭкарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭа аусзуҩцәа гәалсра дула иҳадаҳкылеит Аԥсуа бызшәа аҳәынҭқарратә фонд ахыҵхырҭаҿы игылаз иреиуаз, акыр шықәса ааԥсара ҟамҵакәа аџьабаа збоз, аԥсуа бызшәа алахьынҵа згәы иҵхоз, уи аҿиареи ахьчареи рзы зхы иамеигӡоз Нелли Мкан-иԥҳа Барцыц лыԥсҭазаара лалҵра. Нелли Барцыц акыр шықәса қәҿиарала  аус луан Блабырхәатәи ашколи, Афон Ҿыцтәи абызшәа дырҵара Ацентри  рҿы рҵаҩыс. Ирацәаҩуп уи лнапы иҵыҵыз аԥсуа ҿар, абызшәа агәыбылра злыркыз, излырҵаз, аԥсуара злалааӡаз. Зусура ҭакԥхықәрала иазыҟаз, гәык-ԥсык ала лнапы ианыз абырҵкал икылызхуаз, зыуаҩра аамысҭашәаз, зҩызара ԥшӡаз, адунеи азна иҳалалыз, имыччакәа имцәажәоз, гәацәыхьажәак нызмыжьыз, ԥхарала иҭәыз, ҿымҭ зыгәхьаа зычҳауаз Нелли, аԥсҭазаара ауадаҩрақәа ирызԥымҽыз, зыуаҩра змырҩашьоз, лымч зықәхоз акы иаҵамхоз, зегьы ирыхьӡарц зҭахыз, зхы иазымхәыцуаз, аӡәы ихәашаз иашьҭаз Нелли. Шаҟа иуадаҩузеи уажәы арҭ агәалашәарақәа ииасыз аамҭахь аиагара. Аха ауаҩы лаша иусқәа иагьа аамҭа царгьы ииасӡом. Ауаҩы дзыхьӡаз абзиара, агәыбылра, ауаҩра, агәыцқьара еиҳау мҩа ыҟаӡам Ҳазшаз иахь. Нелли ари амҩа лыԥсы лашала илылхыт, џьабаала, гәыҭыӷьӷаала, бзиарыла. Дызхьымӡаз абзиарақәа лԥа Алиас Анцәа ициҵааит ԥсынҵры лашан, бзиараны, насыԥны. Нелли ,быԥсы Аџьанаҭ ишнеиуа, уа ишаҭыԥу агәра ҳгоит. Быԥсы ҭынчыз Нелли. Бгәалашәара ҳацуп быздыруаз, кыршықәса быбзиара зцеиҩыбшоз бҩызцәа.

Нанҳәа 21, ашәахьаҽны Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭаҿы  аусура иалагоит аԥсуа бызшәа дырҵаразы ирццаку акурсқәа, а-2-тәи агәыԥ

Акурсқәа рымҩаԥгара аамҭа: 14:30, Аҭыӡҭа: Аҟәа ақ. Ажәанба имҩа  9, ауада №209

Dinsdag, 08 Нанҳәа 2023 11:58

Атопонимика

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент 2023 ш. 5 рзы иаднакылаз "Аԥсны Аҳәынҭқарра административтә-ҵакырадгьылтә акқәеи анхарҭаҭыԥқәа рыхьӡқәеи, урҭ урысшәалеи англыз бызшәалеи рытранскрипциеи рышьақәырӷәӷәареи рзы" ақәҵара №5686-с-VII инамаданы , Аԥсны Аԥыза министр идҵала, Аҳәынҭқарратә политиказы Аҳәынҭқарратә усбарҭа Аԥҟара инақәыршәаны , Аԥсны анхарҭаҭыԥқәа рыхьӡқәеи урҭ урысшәалеи англыз бызшәалеи рытранскрипциеи рганахьала алкаа аҟаҵаразы Аҳынҭԥқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭаҽы,иаԥҵан аамҭалатәи акомиссиа абарҭ аҵарауаа злахәу :Кәарҷиа В.Е., Чрыгба В.А., Џьопуа З.Д., Ӡиӡиариа О.П., Ашәба А.Е., Хагәыш Б.А., Герхелиа Г.К., Ладариа А.Џь., Начҟьебиа Д.К., Гыцба И.А., Таниа И.В., Абҳазоу В.В., Аҩӡба В.В., Шьынқәба А.Шь., Багаԥшь Н.

Нанҳәа 2 рзы имҩаԥысит раԥхьатәи  аилатәара. Абри азҵаара ахәаԥшразы иаԥҵахоит Акомиссиа иалахәу рхыԥхьаӡара аҟынтә аусуратә гәыԥ.

Woensdag, 26 Ԥхынгәы 2023 12:41

Апланшет "Аилыҷҷа"

Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭаҿы имҩаԥысуеит аԥсуа бызшәа ирмарианы ахәыҷқәа дырҵара иазку апланшет ианыло атексҭқәа аус рыдулара. Апланшет "Аилыҷҷа" рхы иадырхәар рылшоит 3+ зхыҵуа абызшәа ззымдыруа ахәыҷқәа, иара убасгьы абызшәа здыруа ахәыҷқәа   ражәаҳәа арҭбааразы. Апланшет атекстқәа аус рыдырулоит Абызшәатә политиказы Аусбарҭа аметодикатә гәыԥ аспециалистцәа.

Dinsdag, 25 Ԥхынгәы 2023 10:09

Абзиара шәымаз ҳзыӡырҩцәа

"Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аԥсны Аҳәынҭқарратә усбарҭа ишәыднагалоит апроект "Аудио ашәҟәқәа" Апроект анапхгаҩы: Гунда Сақаниа. Арежиссиор - Вечеслав Аблоҭиа. Абжьы арежиссиор - Алхас Марколиа.

Аредактор - Гунда Кәыҵниа-ԥҳа. "Аудио шәыҟәқәа" - исахьаркны аԥхьараҿы ацхыраара ҳарҭеит: актиорцәа аҿарацәа:

Леон Барчан

Руслан Амҷба

Асҭан Агрба

П. Бебиа ахәыҷқәа ирызку аҩымҭа 

Аудио шәҟәы "Амра ԥхоит" ала абжьы аҭаҩра цоит.

2023ш. ԥхынгәы 15 рзы Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә усбарҭаҿы имҩаԥысит аиԥылара. Аусбарҭа анапхгаҩы Гәында Кәыҵниа-ԥҳа илыдылкылеит Адыгеиа Ареспублика аҟынтә анаплакҩы Аидамир Битови, аҵарауаҩ, алингвист Билиал Хасарокови.

Аиԥылараҿ иалацәажәон аиашьаратә жәларқәа ркультуреи, рҵасқәеи, рқьабзқәеи реихаҳареи, рҟны атехнологиа ҿыцқәа рхархәара абызшәа аиқәырхареи арҿиареи. Уи аганахь ала аусеицура амҩақәа.

Иахьа, рашәара 26, 2023ш. рзы Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭаҿы аусура иалагеит апроект ҿыц: иаатит аԥсуа бызшәа ирццакны дырҵаразы акурсқәа. Раԥхьатәи аурок алагеит асааҭ 12 рзы. Агәыԥ шьақәгылоуп 12-ҩык рыла. Арҵаратә курсқәа мҩаԥылгоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Аԥсуа бызшәа акафедра арҵаҩы Цәеиба Л.В. Акурсқәа мҩаԥгахоит мчыбжьык ахь ҩынтә: ашәахьеи аԥшьашеи. Ирццаку акурсқәа мҩаԥысуеит ԥшьы-мз ирылагӡаны. Акурсқәа ирылгаз аԥсуа бызшәа адырра аелементартә ҩаӡаразы ироуеит асертификат.
Аелементартә ҩаӡара иаҵанакуеит: лассы-лассы излацәажәо атемақәа ирызку ацәажәаратә практика, аԥсуа бызшәа аспецификатә шьҭыбжьқәа рҳәашьа ашьақәыргылара, ихадоу аамҭатә формақәеи аграмматикатә конструкциақәеи рҵара. Аԥсуа бызшәа аԥхьареи, аҩреи, абзазаратә темақәа рыла ацәажәареи, имариоу аҳәоуқәа рышьақәыргылареи, рхы ахцәажәареи, даҽаӡәы ихцәажәареи рылшо аҟаҵара.

Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭа ирыланаҳәоит аԥсуа бызшәа дырҵаразы ирццаку акурсқәа раартра.

Акурсқәа рахь ааԥхьара раҳҭоит аҳәынҭқарратә бызшәа зҵарц зҭаху зегьы, иара убасгьы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩра заурц зҭаху аԥсуа бызшәа дырҵаразы.

Адаҟьа 2 - 2