25:03:24 ш. рзы Краснодарынтәи Аԥсныҟа иааргеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә бызшәатә политикеи аҳәынҭқарратә усбарҭа иҭнажьыз ашәҟәқәа 3000 экземплиар. Урҭ хәыхкык ыҟоуп.
1. Аԥсуа бызшәа дырҵаразы арҵагатә цхыраагӡа. "Абхазский язык. Элементарный и Базовый уровни" Еиқәдыршәеит: А.Ш. Ажьиба , Д.В. Шамба, А.Ш. Шьынқәба . Аредактор Гә. С. Кәыҵниа.
2.Аԥсышәала аусмҩаԥгаразы ацхыраагӡа. Апроект анапхгаҩы- Гә.С. Кәыҵниа. Еиҭаргеит -еиқәдыршәеит. С. Ладариа, Г.Сақаниа ,Гә. Кәыҵниа, М.Ҵнариа, Т.Нарманиа, Ц. Габниа,Н. Барцыц.
3.Ҳ.Х. Андерсен «Алакәқәа» Еиҭеигеит- Сергеи Зыхәба.
4.Владимир Аҵнариа "Сыԥсадгьыл Амра". Еиқәлыршәеит -Милиа Ҵнариа-ԥҳа.
5. Платон Бебиа "Амра ԥхоит" Еиқәдыршәеит--Г.Сақаниа, Гә. Кәыҵниа.