Аусбарҭа аиҳабы

Кәыҵниа Гәында Сергеи-иԥҳа
Кәыҵниа Гәында Сергеи-иԥҳаАусбарҭа аиҳабы
Абиографиа Кәыҵниа Гәында Сергеи-иԥҳа, апоет, аиҭагаҩ, Д. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи ирылоу, ауаажәларатә усзуҩы. Диит 1965 шықәса, март 22 рзы Очамчыра араион Аҭара ақыҭан. 1994 – 2014 шш. рзы аус луан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иусбарҭаҿ референт-еиҭагаҩыс, иара убасгьы Аԥсуа бызшәа аҿиара азҵаарақәа рзы асектор анапхгаҩыс. 2005-2017 шш. рзы Аԥсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә фонд напхгара азылуан. 2017 ш. инаркны 2020 шықәсанӡа аус луан Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказ аилак аҿы специалист хадас, анаҩс лара аус луан Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрраҿы иаԥҵоу Абызшәатә политиказы аусбарҭаҿ специалист хадас. 2019 ш. инаркны иахьа уажәраанӡа аус луеит Аконтрольтә палатаҿы аспециалист хада-алингвист иаҳасабала. 2018 шықәса инаркны Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла Алитературатә фонд еиҳабыс дамоуп. Гәында Кәыҵниаԥҳа 12-шәҟәы (апоезиатә еизгақәа) дравторуп. Уи лажәеинраалақәа еиҭагоуп аурысшәахь, ахорват бызшәахьы, аиталиан, араб, ахьинди бызшәақәа рахь. Еиуеиԥшым аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҿы иҭыҵуа алитературатә газеҭқәеи, ажурналқәеи, альманахқәеи, аизгақәеи лҩымҭақәа изныкымкәа ирнылахьеит. Аҳәынҭқарратә официалтә документқәеи асахьаркыратә литературеи реиҭагара аганахьалагьы Гәында Кәыҵниаԥҳа лылшамҭақәа маҷӡам. Уи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аԥсшәахь еиҭалгеит.