Новости

Гагратәи акурсқәа.

2024 ш., мшаԥы 25 рзы  Х.Х. Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә аԥсуа ашкол №1 аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭа иаанартит аԥсуа бызшәа ззымдыруа дырҵаразы ирццаку акурсқәа.

Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭа акурсқәа рзыӡырҩцәа зегьы еиқәнаршәеит   арҵагатә  шәҟәы ҿыцқәа рыла. Ари аметодикатә цхыраагӡа  "Абхазский язык. Элементарный и Базовый уровни"- абызшәа дырҵара актәи аҩаӡара иазкуп . Акурсқәа раартра амҩаԥгаразы ашкол иаҭааит Аусбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниа ,аспециалист хада Гәында Сақаниа,  аусбарҭа аексперт Мариана Жьиба , Аԥсны медиа ажурналист  Милана Жьиба . Урҭ ирԥылеит Гагра араион Ахадара аҵара аҟәша  аиҳабы  Ажьиба Мадина, Гагратәи абжьаратә школ №1 адиректор Даутиа Мзиа.   Еиҿкаауп  18-ҩык аԥсуа бызшәа зҵарц зҭаху азыӡырҩцәа рыла ишьақәгылоу агәыԥ. Уи наҟ-наҟ еихшахоит ҩ-гәыԥкны. Руак - Цандрыԥшь аҳабла иаланхо ауааԥсыра рзы,  егьы - Гаграа рзы .Агәыԥқәа  мчыбжьык ахьтә ҩынтә-ҩынтә имҩаԥыргалоит аҽазыҟаҵарақәа. Аурокқәа 1,5 - 2 сааҭк рҟынӡа инаӡоит . Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥылгоит аԥышәа ду змоуа аԥсуа бызшәеи  алитературеи рырҵаҩы Инна Бендилиани.

Последнее изменение Вторник, 30 апреля 2024 12:45
Другие материалы в этой категории: « Апрезентациа Аудио-шәҟәқәа »