6.10.23.ш. рзы Краснодарынтәи Аԥсныҟа иааргеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарртә усбарҭа иҭнажьыз 3000 екземплиар ахәыҷтәы шәҟәқәеи, 3500 лабҿабатә хархагақәеи( аплакатқәа) . Шәыга рацәала иҩычоу,ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ирықәшәо , ахәыҷбаҳчақәа рахь иныҟәо ахәыҷқәеи аиҵбыратә классқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәеи рзы аԥсуа бызшәа аҵараҿы ицхыраагӡа дууп. Ҳара ишәыдаагалар ҳалшоит темала еуеиԥшым аплакатқәа:
1. Аԥсны Аҳәынҭқарратә асимволқәа
2.Ацәамаҭәа
3.Афатә
4.Аԥсуа милаҭтә маҭәа
5 .Агәабзиаразы авитаминқәа
6.Ашықәс аамҭақәа
7.Амаругақәа
Иара убас ишәыдаагалар ҳалшоит ахәыҷқәа ирызкыу ашәыҟәқәа:
1. "Сара раԥхьатәи сышәҟәы" асериала " Аԥсуа бызшәа асахьатә жәар " автор ,аиқәыршәаҩ М.Амичба, асахьаҭыхҩы А.Кәыҵниа
2"Аамҭеи асааҭи"автор Гә .Кәыҵниа, асахьаҭыхҩы А. Сангәлиа
3."Жьабаӷь фырхаҵа"илакә-пиеса. автор А.Муқәба ,асахьаҭыхҩы А.Кәыҵниа
4." Ашәҭқәа рашәа" автор Г.Сақаниа ,асахьаҭыхҩы А.Сангәылиа